Аԥсны

Аԥснынтәи урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало рзы Россотрудничество аолимпиадақәа мҩаԥнагоит

Ашколхәыҷқәа реиԥш аолимпиадақәа ирылахәхар ҟалоит абакалавариат астудентцәа, ААУи урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи рҟны аспециалитет астудентцәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало 10-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәеи 3-5-тәи акурсқәа рыстудентцәеи рзы аолимпиадақәа мҩаԥнагоит абакалавриати амагистратуреи рыпрограммала ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аолимпиадаҿ аиааира зго ҩышықәса ахархәара змоу адиплом ҷыдақәа роуеит. Урҭ ԥышәарада абиуџьет ҭыԥ ала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалар ҟалоит.

Аԥснытәи абитуриентцәа ирзыԥшуп Иреиҳаӡоу аекономика ашкол, Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Афинанстә академиа, Плеханов ихьӡ зху аекономикатә университет, МАДИ, Казантәи ауниверситет, Санкт-Петербургтәи ааглыхратә технологиақәеи адизаини руниверситет, Москватәи аргыларатә университет уҳәа егьырҭгьы.
Аҭыԥқәа заҟа ҟало макьаназ ишьақәыргылам ҳәа аанацҳауеит Россотрудничество апресс-маҵзура.
Аԥсны
Россотрудничество аиҳабы аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа ирыцҵахоит иҳәеит
Ашколхәыҷқәа реиԥш аолимпиадақәа ирылахәхар ҟалоит абакалавариат астудентцәа, ААУи урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи рҟны аспециалитет астудентцәа.
"Аолимпиада иалнаршоит аԥыжәара аиуреиԥш адыррақәа реилкаарагьы, амч аԥышәара, азанааҭ алхра рзы", - аҳәоит Россотрудничество апресс-релиз аҿы.
Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура алшоит Аԥсны иҟоу Аурыс Ҩны аофициалтә социалтә ҳақәа рҿы –Телеграм-канал "Учеба в РФ. Абхазия".
Россотрудничество аурыс бызшәа акурсқәа Аԥсны ирыцнаҵоит