Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы Апарламенттә еилакы имҩаԥнагеит аилацәажәара, акультура аминистрра алархәны "Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы" Аԥсны азакәан аԥсахрақәа алагаразы.
"Иалаҳгалар ҳҭахуп иҟам ахьыӡқәа, иаҳҳәап "Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы" ҳәа, "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы" ҳәа. Иҳамоу иҳараку ахьӡ Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы аҟынӡа иҟазароуп, Зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ ҳәа азырыԥхьаӡоит азакәан аус адызуло адепутатцәа. Аилацәажәара мҩаԥган иара убас акультура аминистрреи аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аҟынтә азиндырыҩи адгаланы. Иааиуа асессиаҿы азакәан алагалақәа адепутатцәа идырбахоит", - ҳәа иҳәеит Гогьиа.
Адепутат иажәақәа рыла азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы аус ҭҵаан, азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь нас агхақәа ҟамларцаз. Ахьӡ иаԥсахарцаз иарбан ҩаӡароу, иаҳҳәап асахьаҭыхыҩ имазарц ахәҭоу азгәаҭаны иҟаҵоуп ҳәа иҳәеит Гогьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.