Сҭампыл иҟаз атеракт иалахәуп ҳәа иршьо атҟәацра шыҟалаз атәы иԥкааны еиҭалҳәеит

Абҵра 13 рзы Сҭампыл араион хада Беиоглу агәҭа иалсуа атуристтә шьаҟамҩа Истиклиаль аҿы аԥжәара ҟалеит. Иҭахеит фҩык, аахақәа роуит 81-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Сҭампыл иҟаз атеракт иалахәуп ҳәа иршьо Ахлам Альбашир иҟаз аиҭаҳәара далагеит, аԥжәараан уи аҭыԥ аҿы лхала дшыҟамыз лҳәеит.
"Илышьклаԥшуан, аҭыԥ аҿы адҵа лыҭан аԥжәара амҩаԥгаразы", - ҳәа лажәақәа аанагоит ателеканал NTV.
Альбашир иара убасгьы илҳәеит арымӡ аҿы дантәаз, Ҳаџьы ҳәа хьӡшьаран измаз атеррорист ауаа рыжәпара дагәылаԥшуа арҭҟәацга ԥылжәарц шлыдиҵаз.
Атеракт инадҳәаланы иаанкылоуп 50-ҩык. Альбашир, аԥжәара ашьҭахь таксила ари аҭыԥ ахьынтә дықәҵит. Данааныркыла лҿы лықәшаҳаҭхеит Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиа (РПК) дшадҳәалоу азы.
Атәыла анапхгара аԥжәара терактуп ҳәа иршьеит.