Аԥсны

2023 шықәсатәи аԥхынразы Аԥсны зыԥсы зшьарц зҭаху рзы атурқәа рыҭира хацыркуп

Аԥснытәи ахырхарҭахь аҭираз ирыдгалоуп 30% аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. 2023 шықәсатәи аԥхынразы Аԥсны зыԥсы зшьарц зҭаху рзы урыстәылатәи атуроператорцәа атурқәа рыҭира хацдыркит ҳәа аҩуеит "Вестник Ассоциации туроператоров России".
Атуроператор "Дельфин" адиректор хада Сергеи Ромашкин иажәақәа рыла аҭирақәа ирҿырԥшны Аԥсны аԥыжәара амоуп.
"Аԥсны ииасыз асезон аан атурқәа арекорд ҟазшьа рыманы иҭиин, убри азы иааиуа ашықәс атурқәа заанаҵы рҿаҵара иалагатәуп", - ҳәа иҳәеит аҭҵааҩы.
Убри аан Аԥсны аԥсшьарҭа ҭыԥ дуқәа заанаҵтәи аҭирақәа аадыртуеит 2023 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы.
Абҵарамзаз атурқәа рыҭира иалагеит атуроператорцәа: "Дельфин", "Интурист", FUN&SUN.
Атуроператорцәа рдыррақәа рыла атуристцәа реиҳараҩык иалырхуа аԥсшьараз иманшәалоу асасааирҭақәа 3*, 4*, 5* роуп.
Аԥсны
Аҟәатәи аделегациа Краснодар атурист аалыҵқәа ӡырыргеит
Ахәқәа шышьҭыҵызгьы заанаҵтәи аҭирақәа иалдыршоит атурқәа 2022 шықәсазтәи ахәқәа рыла аахәара. Аха 2023 шықәсазы ахәқәа шышьҭыҵуа еилкаауп. Ахырхарҭа иаҿырԥшны уи иахьа 5 - 20% ихалахьеит.
Атуристтә џьармыкьа адыррақәа рыла абҵарамзазы бжьаратәла краснодартәи акурортқәа рҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рыхәԥса иахыхын 10 -20%, аԥснытәиқәа –15%.