Аԥсны

Аҟәа иаатит анапылампыл азы ахацәа рыбжьара ачемпионат

Ачемпионат иалахәхоит Аԥсны ариаонқәа зегьы рҟынтәи акомандақәа аабеи ААУ акомандеи. Аицлабра мҩаԥысоит хымш рыҩнуҵҟа Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Анапылампыл азы ахацәа рыбжьара ачемпионат аатит Аҟәа ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Анапылампыл азы Аԥсны Афедерации аиҳабы Аслан Ҭырқьба.
Ачемпионат аҟны еиндаҭлоит Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, Аҳәынҭуниверситет ркомандақәа.
Ҭырқьба иажәақәа рыла иахьа аҵәҭаԥсара мҩаԥган, акомандақәа ҩ-гәыԥкны еихшан.
“Сынтәа ачемпионат аа-командак алахәуп. Ааигәа ас иҟамлацызт. Сынтәа иацлеит Пицундеи Очамчыреи. Ииасыз ачемпионат аан аԥыжәара рыман Аҷандареи Аҟәеи ркомандақәа", - ҳәа иҳәеит Ҭырқьба.
Ачемпионат аԥхьатәи амш азы иазгәаҭоуп хә-хәмаррак. Афиналбжеи афинали мҩаԥгахоит абҵара 20 рзы. Ахәмаррақәа рыӡбаҩ хадас дыҟоуп Џьумбер Салаҟаиа.
Аиааира зго ахраҿеи амедалқәеи роуеит. Иреиӷьу ахәмарыҩцәа – аԥаратә гәазыҟаҵара рыҭахоит.
2021 шықәсазы анапылампыл азы ахацәа рыбжьара Аԥсны иачемпионхеит Аҷандара акоманда.