АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Ешыра ауааԥсыра ирызку Амемориалтә комплекс апроект ашықәс нҵәаанӡа акультура аминистрраҿы еиҿкаау амонументалтә комиссиа иадыргалароуп.
Акомиссиа алахәылацәа абжьгара ҟарҵеит Ешыратәи амемориалтә комплекс апроект аус еиҭадулазарц.
Аминистр иҳәеит ԥхьаҟатәи аргыларатә усурақәа зегьы акомиссиа ақәшаҳаҭра рыманы иҟазарц.