Аԥсны

Амчра ахаҭарнак иганахь ала анапышьҭыхра ҟазҵаз ишьаус хацыркуп

Иаанкылоу ахараԥса иршәахоит 30-60 нызқь мааҭ ма 2-5 шықәса аҭакра иқәҵахоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Владимир Акопиан амчра ахаҭарнак иганахь ала ақәымчра ҟаиҵеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, абҵара 15 рзы ААИ иааларҟьан агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз Акопиан даанкылан Турбаза араион аҿы. Иара амилициа алеитенант еиҳабы Гәниа А.Р. иҳәатәы дацымныҟәакәа инапы шьҭихит.
Гәниа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаган иԥынҵа ҭаԥҵәаны.
Акопиан даанкылоуп, аамҭалатәи аҭакырҭахь днагоуп. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа хара имгакәа иганахь ала азыӡба аднакылоит.