Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа реикәыршара аизырҳара иалацәажәеит

Аԥсны иҟоу ахәаахәҭраз Урыстәыла ахаҭарнак Залина Кобесова лнапынҵақәа дырхагылеит нанҳәа 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа реикәыршара аизырҳара иалацәажәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Аԥсны иҟоу ахәаахәҭраз Урыстәыла ахаҭарнак Залина Кобесовеи ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Џьопуа ҷыдала дазааҭгылеит Аԥснынтәи ацитрус шәырқәеи ацхеи рекспорт аҿиара азҵаара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара аинтерес рыманы ишыҟоу егьырҭ аусхкқәа рҟнгьы апроектқәа реицымҩаԥгараз.
Аԥсны
Ахәаахәҭратә еикәыршара шеизырҳатәу далацәажәеит Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак