Аԥсны

Бжьаниа АШәМ Аҳәаахьчаратә гәыԥ аԥҵоужьҭеи 30-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, 1992 шықәса абҵара 20 рзы адҵаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба идҵала иаԥҵан Аҳәаахьчаратә ар.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа АШәМ Аҳәаахьчаратә гәыԥ аԥҵоуижьҭеи 30-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
Иара иҳәеит 30 шықәса раԥхьа Аԥсны арра-политикатә ҭагылазаашьа уадаҩ ыҟазҭгьы, иахьагьы ажәлари аԥсадгьыли рыбзиабареи, агәымшәареи реиԥш иҟоу аилкаарақәа аҵак ҷыда рыманы ишыҟоу.

"Ақәылаҩ иганахь ала ашәарҭарақәа рҿагылара иахьагьы аҭыԥ амоуп. Аҿагыларатә цәаҳәа аԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылоугьы шәара шәоуп. Аҳәаахьчаҩцәа еснагь ирылшо зегь ҟарҵон Аԥсадгьыл иԥшьоу аҳәаақәа кьыс рмоурцаз. Аԥсны ажәлар агәра ргоит шәпатриотизми шәыпрофессионализми рзы", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аҳәаахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҳаҭырқәҵарыла аветеранцәа ишырзыҟоу, иԥшьоу атрадициақәа ишрықәныҟәо, ирласны ишынарыгӡо рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы.