Аԥсны

Пицундатәи алашарбага ықәыргар ҟалап

Пицундатәи алашарбага аусура иаҟәыҵит 1960-тәи ашықәсқәа раан. Иахьа иара шәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. "Акурорт Пицунда" аҵакыраҿы игылоу алашарбага ықәыргар ҟалап ҳәа иҳәеит Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
"Алашарбага аиҭашьақәыргылара залшом. Зынӡа иқәгахар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аминистр иҳәеит алашарбага ауаа рзы ишшәарҭоу, акурорт ауааԥсыра реиԥш асасцәагьы, аиҳаракгьы ахәыҷқәа иара ахалара рыҽшазыршәо.
Пицундатәи алашарбага XIX ашәышықәса анҵәамҭаз Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рымшынуаа адирекциа аҭахрала иргылан. Алашарбага пицундатәи абжьында аҵыхәаҿ игылоуп. Аҳаракыра 36 метра иҟоуп.
Пицундатәи алашарбага аусура иаҟәыҵит 1960-тәи ашықәсқәа раан. Иахьа иара шәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Акәырша жьакцахьеит, аҭаҩаҿарақәа рацәоуп.