АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Цандрыԥшь ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа реиԥҟьара иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Маҳадыртәи ГЕС адиректор Станислав Хышба.
"Арҭ амшқәа рзы ацәаҳәа зегь гәаҭо ҳахысуеит. Ацәаҳәа абнарақәа, алаҟәырақәа ирхысны аӡиаси амшыни рыԥшаҳәақәа ирываршәны инеиуеит. Иацы 4-5 цәаҳәеимҟьара аабеит афидерқәа рҿы. Иҟан аҵлақәа ацәаҳәақәа иахьрықәҳаз, иҟан атрансформатор ауадаҩрақәагьы. Ҳгәыӷуеит иахьа алашара ауҳашьҭып ҳәа. 50% рҟынӡа аиԥҟьарақәа рҭыԥ иқәаҳҵахьеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Цандрыԥшь ахәҭак ауааԥсыра алашара рзынашьҭра аанкылахеит абҵара 16 ауха. Хышба игәаанагарала алашара аиԥҟьара амшцәгьеи ацәаҳәақәа ражәреи ирыхҟьеит.
Арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит Маҳадыр ГЕСи "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәа. Ауадаҩрақәа раарԥшраҿ ацхыраара руеит Цандрыԥшь ауааԥсыра.