Аԥсны

Цандрыԥшь аҩнеихагылақәа ҩба лашарада иаанхоит

Цандрыԥшь аҳабла ахәҭак лашарада иаанхеит ахаша, абҵара 16 руха.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Цандрыԥшь алашара рыҭоуп аҩнеихагылақәа ҩба рыда ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Маҳадыртәи ГЕС адиректор Станислав Хышба.
Иара иазгәеиҭеит арҭ аҩнеихагылақәа рахь алашара назышьҭуаз атрансформатор шԥхасҭахаз.

Амшцәгьақәа ирыхҟьаны афымцацәаҳәақәа ааха зоуз шьақәаргылоуп, аха арҭ аҩнқәа лашарада иаанхеит дара рахь алашара назышьҭуаз атрансформатор ахьԥхасҭахаз иахҟьаны. Аҭыԥантәи аиҳабыра адырра раҳҭахьеит ҳгәыӷуеит мышқәак ирылагӡаны ари азҵаара ӡбахап ҳәа", - иҳәеит Хышба.

Иара иажәақәа рыла, аус зымҩа атрансформатор аиҭашьақәыргыларазы ҩымчыбжьҟа аҭаххоит, убри аҟынтә даҿакала иԥсахтәхоит.
Цандрыԥшь ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа реиԥҟьара иахҟьаны абҵара 16 руха. Хышба игәаанагарала алашара аиԥҟьара амшцәгьеи ацәаҳәақәа ражәреи ирыхҟьеит.
Арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргон Маҳадыр ГЕСи "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәа. Ауадаҩрақәа раарԥшраҿ ацхыраара рырҭеит Цандрыԥшь ауааԥсыра.
Аԥсны
Цандрыԥшь ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа рҿы иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны