Апроект "Агәалашәара" аҳәаақәа ирҭагӡаны абҵарамза 15 рзы Аԥсны иҿыцу аҭоурых иадҳәалоу атемақәа ирызкыз аиԥылара мҩаԥысит. Агазеҭ "Чегемскаиа правда" аредактор, ажурналист Инал Ҳашыг еизаз ирзеиҭаиҳәеит "Ахьтәы парламент" ҳәа ззырҳәаз 1991 шықәсазы АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь алхрақәа ртәы. Аиԥылараан иара убас ирылацәажәеит адепутаттә тыԥқәа рзы аԥсуааи ақырҭцәеи ззеиқәшаҳаҭхаз, аха зегьы ирдырратәы ицәыргамыз аквотақәа рыӡбахә, аҩнуҵҟатәи аилибамкаарақәа зыдҳәалаз, аамҭа уадаҩ азы аԥсуа депутатцәа рҿаԥхьа ицәырҵуаз ауадаҩрақәеи имариамыз аӡбамҭақәеи ртәы.
Аиԥылараҟны иззааҭгылаз абарҭи егьырҭи азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажурналист Инал Ҳашыг.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.