Сахалин ҩнеихагылак аҿы агаз тҟәацын, ауаа ҭахеит

Аҩны аҵаҟа даҽаӡәы дыҟазар ауеит, аԥшаарақәа ишырҿыц ирҿуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Жәҩык ауаа ҭахеит Сахалин абзазаратә газ ахьԥжәаз аҩнаҿы ҳәа ааицҳаит аобласт агубернатор Валери Лимаренко.
"Уажәазы иҳамоу адыррақәа рыла, жәҩык ҭахеит, урҭ рахьтә ԥшьҩык хәыҷқәоуп", - ҳәа иҩит иара и-Telegram-канал аҿы.
Зынӡа еилаҳаз ахыбра ахәҭаҿы инхон 33-ҩык ауааԥсыра. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ аҿы аусура иаҿуп, аҩны аҵаҟа даҽаӡәы дыҟазар ауеит.
Сахалин Тымовское аҳаблаҿы игылоу хә-еихагылак змоу аҩны аԥшьбатәи аихагылаҿы атҟәацра ҟалеит ашьыжь асааҭ хәба рзеиԥш аҭыԥантә аамҭала. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амашәыр ҟалеит абзазаратә газ зҭаз абаллонқәа ииашамкәан ахархәара ахьрымаз азы.