Аԥсны

Аҟәатәи акоманда анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы иаиааит

2021 шықәса рзы анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы иаиааит Аҷандара акоманда.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи акоманда ахацәа рыбжьара анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы иаиааит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аспорти аҿари рзы Аҳәынҭеилакаҿы.
Ачемпионат афинал мҩаԥысит абҵара 20 рзы. Аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа ргеит акомандақәа Аҷандара, Аҷандара-2.
Ачемпионат иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иалкаан Осман Чамагәуа (Аҷандара), Нестор Касланӡиа (ААУ), Ҭемыр Гәниа (Аҟәа), Данил Џьениа (Аҷандара-2).
Аҳҭнықалақь аҿы абҵара 18-20 рзы имҩаԥысуаз ачемпионат иалахәын Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, ААУ ркомандақәа.