Аԥсны

"Георги Гараниан и-Биг-бенд" аконцерт Аҟәа имҩаԥысит

Аконцерт мҩаԥган апроект "Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультуратә уснагӡатәқәа реимдара" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Краснодартәи аџьаз коллектив "Георги Гараниан и-Биг-бенд" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ иқәгылеит асабша, абҵара 19 рзы.
Аԥсны аҳҭнықалақьуааи асасцәеи алшара рыман хәыда-ԥсада аџьаз аритмқәа рзыӡырыҩра.
Аконцерт мҩаԥган апроект "Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультуратә уснагӡатәқәа реимдара" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари апроект хацыркын 2010 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсни акультурақәа рминистррақәа рыцхыраарала. Апроект азырхоуп атәылақәа рыҩба рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара.
Ахәаша, абҵара 18 рзы ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥысит даҽа концертк - аԥсуа хәаԥшцәа ибаҩхатәра дирбеит апианинорҳәаҩ, урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии аицлабрақәа рлауреат Чаиковски ихьӡ зху XV Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны 2015 шықәса рзы иаиааиз Дмитри Маслеев.
Биг-бенд – Урыстәыла иналукааша џьаз коллективуп, иаԥиҵеит Георги Гараниан. Еснагь аконцертқәа мҩаԥызго оркеструп, иамоуп ахатә репертуар, есышықәсатәи аџьаз-фестиваль JJ-JAZZ.
2010 шықәсазы Георги Гараниан иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аоркестр напхгара аиҭоит апианинорҳәаҩы, Ҟәбина зҽаԥсазтәыз артист Илиа Филиппов.