Аԥсны

"Измиҭ амра зырлашо": ҳџьынџьуаҩ ахореограф Ильқьар Ашьхараа иҭоурых

Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы иӡбахә ҳзеиҭалҳәоит хатәгәаԥхарала Кавказ жәлар рыкәашарақәа ҵаны, ансамбль "Амра" аԥызҵаз, иахьа 200-ҩык инарзынаԥшуа аҵаҩцәа змоу, Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь инхо Ильқьар Неџьмеҭҭин-иԥа Ашьхараа.
Sputnik
Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа ишыхәыҷунатә ирдыруеит изхылҵшьҭроу амилаҭ закәу, рабдуцәа рыдгьыл мчыла ишахцаз уҳәа рдацқәа рхыҵхырҭа. Иҟоуп шәышықәса рыҩнуҵҟа имаҷымкәа зыԥсадгьыл гәакьа иазыхынҳәыз, аха убасгьы иахьа уажәраанӡа еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны Аԥсныҟа иаартә еиԥш аҭагылазаашьа змауз. Ус иагьа иҟазарагьы, аԥсуаа иахьыҟазаалакгьы рмилаҭтә цәаҩа дырӡӡом. Рхатәы бызшәа ишахәҭоу еиԥш ирзымдыруазаргьы, иныҟәыргоит аҵаси, ақьабзи, акультуреи. Иахьатәи санҵамҭаҿы сара иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп хатәгәаԥхарала Кавказ жәлар рыкәашарақәа ҵаны, ансамбль "Амра" аԥызҵаз, иахьа 200-ҩык инарзынаԥшуа аҵаҩцәа змоу, Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь инхо Ильқьар Неџьмеҭҭин-иԥа Ашьхараа.
1 / 3

Ильқьар Ашьхараа

2 / 3

Ильқьар Ашьхараа

3 / 3

Ильқьар Ашьхараа

"Акы, ҩба, хԥа" ҳәа акәашаратә елементқәа дырбауа, Ильқьар Ашьхараа Измиҭ ақалақьтә стадионқәа руак аҟны абжьаратә гәыԥ аназыҟаиҵоз, аамҭала иара иахь зыԥҳа дназгоз сҩыза Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа слыманы днеит. Зыуаҩыбжара иҭагылоу, ҿаԥшыларала дузымдыруазаргьы, "даԥсыуоумашь" ҳәа ззуҳәо акәашара арҵаҩы игәы хыҭхыҭуа иҿыцу акы дсырҵандаз ҳәа ахәыҷқәа аус рыдиулон. Сара Аԥснынтәи сааит ҳәа анидыр, еиҳагьы аҭакԥхықәра ихы иадҵаны сааҭк инеиҳаны имҩаԥигоз аҽазыҟаҵарақәа сирбеит. Ильқьар иажәақәа рыла, ансамбль "Амра" иахьазы 50-ҩык асцена ду ахь инеиуа акәашацәа рыла ишьақәгылоуп. Егьыс иҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ҩышәҩык рҟынӡа инаӡоит. "Амра" шьақәгылоуп Кавказ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа рыла, иара убас арахь хатәгәаԥхарала иныҟәоит аҭырқәцәагьы.
"Сара 20 шықәса инеиҳаны иҵуеит ари ансамбль аԥҵаны исымоуижьҭеи. "Амра" ҳәагьы баша иахьыӡсымҵеит, раԥхьа исыдыскылаз сҵаҩцәа ахәыҷқәа ракәын аҟнытә "Амра ахәыҷқәа" ҳәа срышьҭан, ус иит ари ахьӡгьы. Астадион адагьы ҳара иҳамоуп азыҟаҵаратә зал ду. Арахь аамҭа-аамҭала ауп ҳаанааило. "Амра" ԥшь-гәыԥкны еихшоуп: аиҵбыратәи, абжьаратәи, аҿартәи, аиҳабыратәи ҳәа. Асцена ду азы ипрофессионалтәу ансамбль "Амра" аҿартә гәыԥ ауп иԥхьаӡоу. Ахәыҷқәагьы рықәра иаҵанакуа акультуратә усмҩаԥгатәқәа ирыласырхәуеит. Уахь лассы-лассы ааԥхьара ҳарҭоит. Аиҳабыратәи агәыԥ - уи хоббик аҳасабала иныҟәо рыла ишьақәгылоуп. Агәыԥқәа мчыбжьык знык иазыҟасҵоит. Аконцертқәа анаҳԥеиԥшу, мызкы иалагӡаны ԥсшьарамшыда аус ҳуеит", - иҳәоит ахореограф.
1 / 2
Иаҳзааишьҭит Ильқьар Ашьхараа
2 / 2
Ильқьар Ашьхараа
Ильқьар ихаҭа акәашашьа иҵеит жәашықәса анихыҵуаз. Усҟан Измиҭ дааны дыҟан Даӷьсҭантәи ахореограф. Иара ибзоурала Кавказ Адернеқь аҟны иаԥҵан ансамбль. Арахь аԥсуаа рыдагьы иныҟәон Кавказ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа рацәаҩны. Ильқьар 15 шықәса аколлектив аҟны ахкы наигӡон. Анаҩс иҭаххеит ихаҭа агәыԥ еиҿкааны ахәыҷқәа амилаҭ кәашарақәа дирҵарц. Занааҭла ихореографыз иҩыза ҩышықәса аԥышәа имданы, Ильқьар иахьа инапы злаку аус днадгылеит.
Аԥсны
"Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
Исымҳәарц залшом Ильқьар ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дышцәажәо, ицәгьамкәа идыруеит аурыс бызшәагьы. Арҭқәа шџьасшьаз анеиликаа, иҳәеит 1994 шықәсазы иара гәыԥҩык ҳџьынџьуаа дрыцны Аԥсныҟа дышцаз ауниверситет аҭаларазы. Шықәсык аурыс бызшәа акурсқәа дырхысны аҵара иҽазикуаны иеиԥш, Ҭырқәтәылаҟа дааит иҭаацәа ибарц. Аха игәы иҽанӡамкәа Аԥсныҟа амҩа аркхеит Чечентәыла иалагаз аибашьра иахырҟьаны. Аҷкәын иԥсадгьыл аҟны аҵара иҵартә ианзыҟамла, дҭалоит Ҭырқәтәыла ауниверситетқәа руак, абаҩрҵәыратә факультет. Иреиҳау аҵараиурҭа ашьҭахь деиҭахынҳәуеит акәашарахь.
20 шықәса раахыс Ильқьар напхгара зиҭо ансамбль "Амра" Ҭырқәтәылеи Европа атәылақәа жәпаки рҟны еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурсқәеи ирылахәхахьеит, аԥхьахәтә ҭыԥқәагьы ааннакылахьеит.
1 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

2 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

3 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

4 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

5 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

6 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

7 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

8 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

9 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

10 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

11 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

12 / 12

Ильқьар Ашьхараа иансамбль "Амра"

"Даара сгәы азҳауеит ансамбль аԥхьахәтә ҭыԥқәа ианаԥсахо. Уи иаанаго сыԥсҭазаара зызку аус алҵшәа аиуит ауп. Аколлектив џьашьаны имеихсыӷьуаз напеинҟьарала ирыдыркылон Барселона, Париж, Венециа уҳәа. Ҭырқәтәыла акәзар, ҳаӡбахә бзианы ирдыруеит", - иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Ильқьар дҭаацәароуп. Иԥшәмаԥҳәыс Озгье Ашәԥҳа иара иҵаҩы лакәын. "Акәашашьа лырҵаны джьаны дызгеит" ҳәа алаф иҳәоит дылхыҽхәаауа. Аҭаацәараҟны илызҳауеит ансамбль "Амра" иахкынагӡаҩхаз рыԥҳа Зеинеб.
1 / 3

Ильқьар Ашьхарааи, иԥшәма Озгье Ашәԥҳаи, иԥҳа Зеинеби

2 / 3

Ашьхараа Ильқьари Зеинеби

3 / 3

Ильқьар Ашьхараа