Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны

© Foto / предоставила Саида Жиба "Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
Зегь рыла иҿырԥшыгоу: ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2022
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аԥсуаа Хәаԥ ҳәа изышьҭоу Қаиалар ақыҭан инхо Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкуп Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Иҿырԥшыгоу аҭаацәа анаҳҳәо, раԥхьа иргыланы ҳхаҿы иааиуа аԥсуара злоу, ҳәоуеиқәшәала инхо, зыхшара рыла згәы дуу, зынхара-зынҵыра еиҿкаау, ауаажәлар рыҩнуҵҟа ҳаҭыр зқәу роуп. Убас иҟоуп иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭаху, Ҭырқәтәыла, аԥсуаа Хәаԥ ҳәа изышьҭоу Қаиалар ақыҭан инхо Џьиҳан Дбар иҭаацәа.
Џьиҳан Ҳильми-иԥа Дбари иԥшәмаԥҳәыс Севиль Рыфаҭ-иԥҳа Папԥҳаи ахьынхо Қаиалар ақыҭан аиҳарак аԥсуаа роуп изтәарҭоу, дара-дара Хәаԥ ҳәагьы иашьҭоуп, ус рабдуцәа ирҳәон аҟнытә. Иҟалап амҳаџьырра аан арахь иқәнагалаз аиҳарак Хәаԥтәиқәазаргьы ҳәа агәаанагара рымоуп ақыҭанхацәа џьоукы.
Осман Гәогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2022
Арепатриациа
"Ҳқыҭақәа ахьынӡаҟоу - ҳаргьы ҳаҟоуп": ҳџьынџьуаҩ Осман Гогәуа изкны
Амҳаџьырраан Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит Џьиҳан иабду иаб Саадыҭ гәыԥҩык иашьцәа ижәлантәқәа Дбарааи иареи. Иахьа, аҭаацәа излардыруа ала, дара Қьефқьен иӡхыҵит, аамҭак ашьҭахь Саадыҭ Қаиалар ақыҭахь нхара диасит, егьырҭ ицыз Дбараа Аԥсныҟа ахынҳәра рылшеит. Саадыҭ Аԥсныҟа дцартә еиԥш изыҟамлеит. Ахаҵа хара имгакәа машәырла дҭахеит. Иара ԥшьҩык ахәыҷқәа иҭынхеит, хҩык аԥацәеи аԥҳаи.
"Сара сабду Мемеҭ, Саадыҭ ихылҵыз иоуп. Санду д-Леиԥҳан, Ҭесфире лыхьӡын. Дара хҩык аԥацәеи аԥҳаи рааӡеит. Сандуи сабдуи рхатә џьабаала инхеит. Усҟан аамҭақәа уадаҩын, аха адгьыл иқәаарыхны, арахә нҵаны рхәыҷқәа ршьапы иқәдыргылеит", - еиҭеиҳәоит амаҭа Џьиҳан.
Џьиҳан Дбар раԥхьаӡакәны иџьынџьдгьыл ахь дцартә еиԥш алшара иоуит 2013 шықәсазы. Убасҟан диабадырит ижәлантә Роман Дбар. Аишьцәа ахьеицәажәоз еилкаахеит Роман иабдуцәа амҳаџьырра ишагаз, аха рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра шрылшаз. Џьиҳаҭи Романи реицәажәара ашьҭахь ирызцәырҵит ахәыцрақәа, аамҭала Аԥсныҟа ихынҳәыз Саадыҭ иашьцәа ижәлантәқәа Роман дырхылҵшьҭразар ауеит ҳәа.
Џьиҳан иԥшәмаԥҳәыс Севиль лакәзаргьы лабдуцәа рҭоурых еснагь дазҿлымҳауп. Лара излалдыруа ала, амҳаџьырра иагаз лабду иаб Загәа иоуп. Иара араҟа хәҩык ахшара ихылҵит. Севиль лабду ихьӡын Накәышь-Шьрыф, уи 12-ҩык ахәыҷқәа драбын.
Қаиалар ақыҭауаа иҿырԥшыгоу ауаа ианрылацәажәо, рыӡбахә рымҳәакәа иҟамлацт Џьиҳан Дбари Севиль Папԥҳаи рҭаацәа. Дара хәышықәса раԥхьа рыуацәеи, рҩызцәеи, рқыҭауааи рыӡбахә заҳаз аԥсуаа зегьы дыргәырӷьеит. Аҩыџьагьы еиднагалеижьҭеи 11 шықәса ааҵуаны хҩык еицииз ахәыҷқәа анцәа ираҭәеишьеит, аҷкәыни ҩыџьа аӡӷабцәеи. Ари аизҳара насыԥны ирԥхьаӡоит атәым дгьыл аҟны зыҵәҩаншьап арсу ҳџьынџьуаа.
© Foto / предоставила Саида Жиба "Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
Зегь рыла иҿырԥшыгоу: ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
1/2
"Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
© Foto / предоставила Саида Жиба "Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
Зегь рыла иҿырԥшыгоу: ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
2/2
"Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
1/2
"Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
2/2
"Зегь рыла иҿырԥшыгоу": ҳџьынџьуаҩ Џьиҳан Дбар иҭаацәа ирызкны
Џьиҳани Севили иԥхашьаԥхаҵо рхатә џьабаала рыхшара рааӡоит. Ақыҭанхамҩа аныҟәгара адагьы, дара рнапы ибзиаӡаны иҵҵуеит аԥсуа чыс. Дыҟамзар ҟалап Ҭырқәтәыла, Сақариа араион аҟны инхо ԥсыуак Дбараа рнаплакы аӡбахә змаҳац. Аҭаацәа рхатә бизнес аԥырҵеит. Аԥсуаа рыдагьы, ҳмилаҭ чыс бзиа избо аиԥыларақәа анрымоу Џьиҳани Севили аарыԥхьоит афатә ҟаҵаразы.
"Агәаҳәара змоу рзы ҳара иаҳуеит абысҭа, иҟаҳҵоит уи иаццо ацыфақәа, иаҳҳәозар, аҟәыдыршьшьы, абҳәасасызбал, акәтысызбал, ахарҵәысызбал, ахәылчаԥа, ачаџь, ачаҳаржә уҳәа. Сынтәа 12 шықәса ҵуеит ари абизнес ҳалагеижьҭеи. Ҳара ҳзы ачыс ҟаҵара џьабааӡам, избанзар бзиабарала ҳнапы злаку ауп", - иҳәоит Џьиҳан.
© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
1/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
2/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
3/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
4/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
5/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
6/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

© Foto / предоставила Саида Жиба

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
7/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

1/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

2/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

3/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

4/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

5/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

6/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

7/7

Џьиҳан Дбар иԥшәма Севили иареи иҟарҵо аԥсуа чыс

Џьиҳан Дбари Севиль Папԥҳаи рнапкымҭа саргьы агьама збартә еиԥш алшара сыман уажәааигәа Сақариа, Кавказ Адернеқь аҟны имҩаԥгаз аиԥылараҟны. Излеилыскааз ала, ақалақь ду аҟны инхо, еснагь аусуратә мшқәа ирыгәҭылаку Кавказ ахаҭарнакцәа иазԥҵәаны ирмызаап арыцхәқәа, араҟа еизаны аԥсуа чыс ала ианеидтәало. Ажәакала Дбараа рчеиџьыка иабзоураны, ҳџьынџьуаа ирымоуп алшара, есымза ақалақь ду аҟны аибабареи аибадырреи.
Ҭаалаҭ Кәышмал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Арепатриациа
"Амра иаҳзаҩызоуп": Ҭаалаҭ Кәышмал Аԥсны иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0