Аԥсны

Аҳақьым Аԥсны акьыбачымазара змоу рхыԥхьаӡара ишазҳаз атәы лҳәеит

Ареспубликатә кьыбачымазаратә центр ахь инеиуа ачымазцәа ироуеит иахәҭоу ахирургиатә, ахимиотерапиатә, атаргеттә цхыраара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Ацентр аҿы ашәҟәы зыҽҭазгало рҟынтә 60% ауааԥсыра ихьшәаны ахәшәтәырҭахь инеиуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахимиотерапиа аҟәша аиҳабы Сариа Адлеиԥҳа.

Аҳақьым Аԥсны акьыбачымазара змоу рхыԥхьаӡара ишазҳаз атәы лҳәеит. Иахьазы ацентр аҿы ашәҟәы иҭагалоуп быжь-нызқьҩык рҟынӡа, хышәҩык рҟынӡа есымза ахимиотерапиа акурс иахысуеит. Адлеиԥҳа лгәаанагарала акьыбачымазара аҽарҭбаауа иахьалагаз акоронавирустә инфекциа иадҳәалазар ҟалоит.

"Апандемиа аамҭаан акьыбачымазара аҽыланырҟәит ҳәа иазгәаҭан. Аха уи мзызс иамаз ачымазцәа ахгәаҭара иахьацәшәоз ауп. Уажәы адунеи аҿы аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит, ачымазара аизҳара иаҿуп", - лҳәеит лара.
Аҳақьым лажәақәа рыла, уадаҩрас иҟоу ауааԥсыра иахьынӡахәҭоу аинформациа ахьырмоуа, ииашаны рхы иахьахыламԥшуа ауп. Адлеиԥҳа илҳәеит акьыбачымазарақәа разԥхьагәаҭараз ианеиҵаха шықәсык ахь ҩынтә флуорографиа, рентгенографиа ирхыслатәуп, 45 шықәса ирҭысхьоу - амаммографиа, хымԥада илҭаалатәуп агинеколог, ацитологиа аҭатәуп, ианеиҵаха ҩынтә гастроскопиа иахыстәуп.
Ахимиотерапиа аҟәша аиҳабы илҳәеит хара имгакәа Аԥсны имҩаԥгахараны ишыҟоу инарҭбаау адиспансеризациа. Еиҿкаахоит анҭыҵтә бригадақәа русура – онкомаркерқәа, рентнген-аппаратқәа, дерматоскопқәа, узи-аппаратқәа рыла еиқәыршәаны. Ауааԥсыра ргәаҭарақәа мҩаԥгахоит ақыҭақәа рҿгьы.
Адлеиԥҳа лажәақәа рыла, ачымазаҩ акьыбачымазаратә центр аҟны ашәҟәы дҭаргалаанӡа иныҭкааны ихы гәеиҭароуп, аҳақьымцәа ирдыруазарц уи ахимиотерапиа ихгара илшо илымшо.
Аԥсны
Быҭәба Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы аилацәажәара мҩаԥигеит