Аԥсны

Гал араион аҿы ахатәы ҩны ықәблаа ицеит

Аҩны аԥшәмацәа аӡәгьы акгьы имыхьӡеит, аха аҩны лықәццышәаа ицеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Амҿтәы хатәы ҩны ықәблаа ицеит Гал араион Хьацҳа ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Абылра шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит 15:10 рзы.
Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы ианнеи, амца ахыбра зегьы амҽханакхьан, шьаҭанкыла ибылны ицеит.
Аҩны аԥшәмацәа аӡәгьы акгьы имыхьӡеит.