Аԥсны

Лев Кәыҵниа Урыстәыла АҶА амцарцәаратә маҵзура Академиа анапхгара дырԥылеит

Аԥсны АҶА ахада Москва усутә ныҟәарыла даҭааны дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла АҶА амцарцәаратә маҵзура Академиа анапхгара дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥшқәа, аԥснытәи аиқәырхаратә усбарҭа азы акадрқәа разыҟаҵара азҵаара.
Иара убасгьы Лев Кәыҵниа дырԥылеит Академиа иҭоу аԥснытәи акурсантцәа. Иара аинтерес кны дазҵаауан аҵаратә процесс амҩаԥысшьа, проблемақәас ирызцәырҵуа.