Сахалин агаз ахьԥжәаз анхарҭаҭыԥаҟны иҭахаз рхыԥхьаӡара жәаҩык рҟынӡа инаӡеит

Тымовское аҩнеихагылаҿы абзазаратә газ аԥжәара иахҟьаны ахыбра ахәҭак еилаҳаит, даҽа хәҭак аилаҳараз ашәара ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Сахалин хә-еихагыларак иҟоу аҩны аҟны абзазаратә газ аԥжәара иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара жәаҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит арегион аиҳабыра рхатәы Telegram-канал.
"Тымовское аҩнеихагылаҿы абзазаратә газ аԥжәара иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡхара жәаҩык рҟынӡа инаӡеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Асабша, абҵара 19 рзы Сахалин Тымовское аҳаблаҿы хә-еихагыларак змоу аҩны аҟны атҟәацра ҟалеит, уи иахҟьаны хә-еихагылак ахәҭак еилаҳаит. Аҩны газла еиқәыршәаӡамызт, заанаҵтәи адыррақәа рыла, амашәыр ҟалеит абзазаратә газ зҭаз абаллонқәа ииашамкәан ахархәара ахьрымаз азы.
Аиқәырхаҩцәа уахыки-ҽнаки еилаҳаз ақәгара иаҿын аӡәыр даҵахазар ҳәа. Зынӡа еилаҳаз ахыбра ахәҭаҿы инхон 33-ҩык ауааԥсыра, иҭахеит жәаҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык - ахәыҷқәа.
Сахалин ҩнеихагылак аҿы агаз тҟәацын, ауаа ҭахеит