АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Ахада иусбарҭаҟны мызкы ахьынтә знык аинвестициатә сааҭ мҩаԥгалахоит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа афымцамчи аинвестициатә усеицуреи ирызкны имҩаԥигаз аусутә еилацәажәара аҟны.
"Еилкааны иҳамазроуп ахыдҵақәа аҩ-ганкгьы инхарҭәааны инарыгӡар шакәу. Ҳара адокументқәа ҳнапы рыҵаҳаҩуеит, нас жәашықәсала аинвесторцәагьы ҳбом, алҵшәақәагьы ҳбом, аҭыԥқәа аҳәира рхыиаауеит. Ас ҟалашьа амаӡам, избан акәзар аинвесторцәа рыҟнытә аҳәынҭқарра иаиуа ахашәалахәқәа – асоциалтә проектқәа рынагӡара иазкхоит", - иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра анапаҿы иҟазарц шакәу амҩатә хсаала - аусурақәа ралагамҭеи, урҭ рынагӡаразы аамҭеихшареи, иҟалар зылшо ауадаҩрақәа реиқәыԥхьаӡа зныԥшуа адокументқәа.
Аҳәынҭқарра ахада аԥыза-министр Александр Анқәаб инапы ианиҵеит аинвестпроектқәа рынагӡара инамаданы аҭагылазаашьа ҷыдала хылаԥшра аиҭаларц.