Аԥсны

Ақыҭанхамҩатә проектқәа рзы Тҟәарчал араион иазоужьуп ф-миллион мааҭ

2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аизҳаразы хә-проект ирзоужьын 16 млн мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. 2022 шықәсазы ақыҭанхамҩатә проектқәа рзы Тҟәарчал араион иазоужьуп ф-миллион мааҭ. Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иазеиҭеиҳәеит араион ахада Исидор Дочиа.
Дочиа иажәақәа рыла, тҟәарчал араион аҟны ақыҭанхамҩатә дгьылқәа 19 нызқь гектар рҟынтә 9 гектарк ус баша ишьҭоуп хархәарада.
Ҩышықәса рыҩнуҵҟа араион ахадара 500 гектар адгьылқәа аусрыдуларазы изҭахыз ирырҭеит.