Ҟазахстан АКХ ирыланаҳәеит ахада иалхрақәа рылҵшәақәа ртәы

Иааиуа аҽа быжьшықәса иахьатәи Ҟазахстан ахада Касым-Жомарт Токаев атәыла дахагылоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Касым-Жомарт Токаев Ҟазахстан ахада иалхрақәа раан аԥыжәара игеит ҳәа аанацҳауеит атәыла Алхратә комиссиа хада.
Токаев изы рыбжьы арҭеит 81,31% алхыҩцәа. Ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥгахоит абҵара 26 азы.
Ҟазахстан ахада заанаҵтәи иалхраан иқәгылан фҩык акандидатцәа.
Ҟазахсҭан абыжьбатәи ахада иалхра мҩаԥысит абҵара 20 рзы. Аицлабра иалахәын фҩык акандидатцәа. Иаартын 10 000 рҟынӡа абжьыҭаратә ҭыԥқәа 53 тәыла рҿы. Абжьыҭара рылшон 12 миллионҩык алхыҩцәа.