Иҵәахыз УАМ апозициақәа ҭархоуп

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра УАМ арратә ргыларақәеи атехникеи СУ-25 аракетатә жәылара авидео цәырнагеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Су-25 аекипаж ракетала ажәыларақәа УАМ арратә ргыларақәеи атехникеи ааха рырҭеит. Абри азы авидео аусбарҭа Telegram-канал аҿы ицәырыргеит.
"Аракетақәа лаҟәны идәықәҵан. Ахысрақәа рышьҭахь аекипажқәа рбаӷәазақәа рахь ихынҳәит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Аминистрраҿы ирҳәеит ишҭархаз УАМ иҵәахыз апозициақәеи акәылӡтехникеи.