Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Луганск УАМ амотошьаҟартә рота ажәылара аԥырҟәҟәаауп

Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит Харковтәи Херсонтәи аобластқәеи Донецки рыҟны аӷа инапхгараҭаратә ҭыԥқәа 11, 136 раион рҿы иҭархоуп аӷа еибашьцәеи итехникеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22– Sputnik. Луганск УАМ амотошьаҟартә рота ажәылара аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 120-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, атанкқәа ҩба, акәылӡмашьынақәа фба, автомашьынақәа хәба.
Алада Донецктәи ахырхарҭа аиланхарҭа Водианое аҿы аӷа ирота ааха аҭоуп. Павловка араион аҿы еилаҟәаҟәоуп адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа хԥа. УАМ иаиуз ацәыӡқәа:
ишьуи ихәуи 50-ҩык иреиҳауп;
БМПқәа хԥеи акәылӡмашьынақәа ҩбеи ҭархоуп.
Купиантәи ахырхарҭаҿы артиллеристцәа УАМ амотошьаҟартә ротақәа ҩба ирыжәлеит Луганск Новоселовское аиланхарҭа аҟны.
Иҵәахыз УАМ апозициақәа ҭархоуп