Аԥсны

Тҟәарчал араион аҟны иныху афымцалашараз ауал 23 миллион мааҭ инаӡоит

2022 - 2026 шықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуеит афымцалашара аҭаҩраз ахархәагақәа раахәареи аенергетикатә нхамҩа аиҭарҿыцреи апрограмма.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы иныху афымцалашараз ауал 23 миллион мааҭ инаӡоит ҳәа Аԥсуа телехәаԥшраҟны иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа.

Араион ахада иажәақәа рыла ахархәара зҭоу афымцалашара ахәԥса алхра 49% еиҳам. Ари ауадаҩра аӡбразы хымԥада аҭаҩгатә хархәагақәа ықәыргылатәуп.

Sputnik Дочиа иҟны еилнакааит, сынтәа 700 цыра ахархәагақәа раахәаразы абиуџьет аҿы ишарбоу.
Иҟоу ауадаҩрақәа ирхьмырԥшыкәа Тҟәарчал араион аҟны аӡын аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, ирԥсахоит иххаахьоу афымцатә цәаҳәақәеи амҿлых-шьаҟақәеи.