2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет уажәаԥхьатәиқәа излареиԥшым ахашәалеи аныхтәқәеи иаҳа структурала еихыршәшәаны иахьрызнеиуа ауп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аԥыза- министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба арадио Sputnik аефир аҟны ицәажәараан. Адокумент инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә биуџьет аныхтәқәа 14, 2 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡоит, адефицит 1,7 миллиард. 2022 шықәсазтәи афинанстә документ иаҿырԥшны, Делба иажәақәа рыла, абиуџьет аизҳара иазыԥшуп.
Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа аефир аҟны игәаанагара иҳәеит иааиуа ашықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет апроект азы.
"Ус уахьахәаԥшуа иубартә иҟоуп иаҳа ишацлаз. Ахатә аалыҵқәа рҟынтәи афеида иаланагало аҳәынҭқарратә биуџьет еиҳахеит, уи даараӡа гәахәарыла иудукылоит. Еиуеиԥшым анаплакқәа рҟны аус зуа аҳәынҭқарра иаҳа иадгыло иалагеит ҳәа азгәаҭоуп. Аҩбатәи, аминистр ииҳәаз, ахылаԥшра иаҳа ирӷәӷәахеит ҳәа, уигьы уақәшаҳаҭхартә иҟоуп", - иҳәеит аекономист.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.