Аԥсны

Аекономист Аԥсны аинвистициақәа рыҿиараз аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит

Аенергетикеи аинвестициатә усуреи рызҵаарақәа рзы аилацәажәараҟны атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит мызкы ахь знык Аусбарҭаҿы "аинвестициатә сааҭқәа" мҩаԥыргалараны ишыҟоу.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23– Sputnik. Аԥсны аинвесторцәа радыԥхьаларазы иҟазароуп аус зыдуло азинтә база, иазырхиазароуп анормативтә документқәа, амҩатә хсаалага, аҭакзыԥхықәу анагӡаҩцәа, апроектқәа рынагӡара аҿҳәара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ЦСЕИ аҭҵаарадырратә усзуҩ Илона Мирцхәылааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла аенергетикеи аинвестициатә усуреи рызҵаарақәа рзы аилацәажәараҟны атәыла ахада Аслан Бжьаниа мызкы ахь знык Аусбарҭаҿы "аинвистициатә сааҭқәа" мҩаԥгалатәуп ҳәа иаԥшьгамҭа, - аинвестициақәа русхк аҟны аҭагылазаашьа агәаҭара иадҳәалоуп.

"Иахьазы аҳәаанырцә инвестициақәа атәыла иадыԥхьаланы русура хылаԥшра аумҭар алшом. Адунеи аҿы имҩаԥысуа аполитикатә хҭысқәа ирҿырԥшны ихымԥадатәины иҟоуп аресурсқәа зегь реизакра, атәыла аҩнуҵҟа ааглыхратә мчқәа хра рыманы реиҿкаара, ахатәы биуџьеттә ԥарақәа ахархәара", - лҳәеит лара.

Аинвестор идыруазароуп Аԥсны иамоу аусуратә ҭагылазаашьақәа ҳәа азылыԥхьаӡоит Мирцхәылааԥҳа.
Аинвестициатә проектқәа егьырҭ аусхкқәа– адемографиа, аҵарадырра, ақыҭанхамҩа рыпроблемақәа ирҟәыган рыхәаԥшра ииашам ҳәа азгәалҭеит лара.