Аԥсны

Ашьапылампыл азы аиҩызаратә хәмарраан Ҟабарда-Балкариатәи акоманда Аԥсны иаԥнагеит

Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи еизгоу ркомандақәа рыбжьара ахәмарра мҩаԥысит аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы аиҩызаратә хәмарраан Ҟабарда-Балкариа Аԥсны иаԥнагеит ахаша абҵара 23 азы.
Ахәмарра активла ихацдыркит асасцәа. Изныкымкәа аԥснытәи акоманда амба ашәарҭара иҭадыргылеит.
Анаҩс Аԥснытәи акоманда жә-минуҭк ааҵуаны ампыл амба иҭанаршәит. Ампыл 32-тәи минуҭ рҟынӡа абасеиԥш ахәмаррақәа мҩаԥысуан, аха нас 1:1 ҳәа еиваҟәалеит.
Аҩбатәи атаим ианалагоз аԥснытәи акоманда аԥыжәара аиуртә иҟан, аха Аинар Гамисониа дзысыз ампыл амба иҭамшәеит.
Аҭактә жәылараан Ҟабарда-Балкариа ахәмарцәа аԥыжәара роуит 2:1 ҳәа. Аамҭақәак рышьҭахь Анзор Хутов импыл ашьҭахь 3:1 ҳәа асасцәа аиааира ргеит, 80-тәи аминуҭ аан аԥхьаӡара 4:1 ҳәа ишьақәгылеит. Минуҭқәак ааҵуаны аԥснытәи Алан Кәыҵниа иҭаиршәыз ампыл ашьҭахь 4:2 ҳәа иҟалеит. Ахәмарра хыркәшахеит Ҟабарда-Балкариа акоманда аиааирала.
Уаанӡатәи Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акомандеи Адыгеиеи реицыхәмарра еиҭахарала ихыркәшахеит - 1:1.