Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҵысра азгәаҭан адунеизегьтә аамҭала 01:08 сааҭ рзы (04:08 мск). Адгьылҵысра ахыҵхырҭа Диузџье ақалақь 14 километра иацәыхаран.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы змагнитуда 6,0 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит, абри атәы аанацҳауеит Европа-Амшынбжьаратә сеисмологиатә центр (EMSC).
Ааха зауз рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынӡа ыҟоуп ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Фахреттин Коџьа. Иара иҳәеит 32-ҩык ақалақь Диузџье ишатәу, егьырҭ Сҭампыл, Болу, Зонгулдаке ишатәу.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла ԥсыҭбара ҟамлеит. Арегион аҟны аҵаратә усҳәарҭақәа русура аанкылоуп.