АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы адгьылҵысраан аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ԥырхага рмоуит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Диузџье иҟоу аԥсуа культуратә Центр анапхгаҩы Ильхан Кәаӡба.
Иара иҳәеит адиаспора рҟынтәи иҭахаз ма ихәу ҳәа аӡәгьы иӡбахә шыҟам. Акультуратә Центр ахыбрагьы ԥырхага амоуит ҳәа азгәеиҭеит Кәаӡба.
Иара иажәақәа рыла ирацәаҩуп ақалақь ааныжьны ақыҭақәа рахь ицаз.
"Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа реиҳараҩык аԥхын ақыҭақәа рҿы инхоит, аӡын аамҭазы ақалақь ахь ииасуеит. Ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәеи аҵараиурҭақәеи рахь иныҟәоит. Уажәы ашәарҭадараз ақалақь ааныжьны ақыҭақәа рахь ицеит. Иҳамоу адыррақәа рыла иҟоуп зынхарҭақәа ааха роуз аха ауааԥсыра кьыс рмоуит", - иҳәеит иара.
Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы адгьылҵысра ҟалеит. Агьылҵысра азгәаҭан адунеизегьтәаамҭала 01:08 сааҭ рзы (04:08 мск). Адгьылҵысра ахыҵхырҭа Диузџье ақалақь 14 километра иацәыхаран.