АШәМ Ҭырқәтәылеи Европеи рахь агазмҩангагаҿ аԥжәара аԥдырҟәҟәааит

Ашьаус хацыркуп атеракт азырхиарази, закәаншьаҭада артҟәацга амазаареи атеррористтә еилазаара аиҿкаареи рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Урыстәыла АШәМ Волгоградтәи аобласт аҟны иԥнарҟәҟәааит украинатәи амаҵзура ҷыдақәа Ҭырқәтәылеи Европеи рахь агазмҩангагаҿ аԥжәара еиҿыркаауаз. Абри атәы аанацҳауеит УА АШәМ.
"Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Волгоградтәи аобласт аҟны иԥнарҟәҟәааит украинатәи амаҵзура ҷыдақәа Ҭырқәтәылеи Европеи рахь агазмҩангага "Южный поток" аҿы еиҿыркаауаз адиверсиа-террористтә акт", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Агазмҩангагаҿ адиверсиа аԥырҟәҟәаара инадҳәаланы иаанкылоуп урыстәылаа.