Аԥсны

Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоуи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит

Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини еиԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара иалацәажәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчараз азыҳәа нашьҭын ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ лахь.
Аганқәа иазгәарҭеит арҭ атәылауаа ркатегориа иаҵанакуа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчаразы иԥшаатәу амҩақәа.