Аԥсны

Атәанчахәытә фонд аҟны ирҳәеит аибашьра аветеранцәеи ахамыхәацәеи ршәарақәа заҟа рыцҵахо

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 10 азы атәылауаа рҿаԥхьа иқәгылараан иҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахамыхәацәеи ртәанчахәы ишацҵахо.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахамыхәацәеи ртәанчахәы 20% иацҵахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
"Ахада атәанчахәқәа ишрыцҵахо атәы иҳәеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра актәи, аҩбатәи, ахԥатәи агәыԥқәа ирыҵаркуа ахамыхәацәеи арезерв аҿы иҟоуи ртәанчахәқәа 20% ишьҭыххоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны Атәанчахәытә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет 140 миллион иҟоуп. Ари ҵыԥх аасҭа 20 миллион рыла еиҳауп.
Иарбоу акатегориақәа ртәанчахәы рыҭаразы уадаҩрақәак ҟалар, Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ашәарақәа ирыцҵахоит.