АҞӘА, абҵара 24– Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Шәача" Гаграҟа ҩаԥхьа идәықәлоит ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 8 аҟынӡа амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра ала.
Адәыӷба 10 вагонк рыла ишьақәгылоуп (атәарҭа змоу азеиԥш вагонқәа хәба, аплацкартә, акупеитә, СВ-вагон, ақьафурҭа-вагон). Адәыӷба 386 пассаџьыр рҭыԥ амоуп.
Адәыӷба аангылоит анаҩстәи аангыларҭақәа рҟны: Лазаревскаиа, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, Имеретиатәи акурорт, Весиолое, Цандрыԥшь.
Атуристтә дәыӷба "Шәача" аплацкарттә, акупетә, азеиԥш вагонқәа рыла ишьақәгылоуп, иара асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, убри аан иахьатәи аамҭа аҭахрақәагьы ирықәшәоит. Авагон-ақьафурҭаҿы ауаа ирыдыргалоит аурыси аԥсуеи чысқәа.