Аԥсны ашәартадара азҵаара изхьыԥшу ахырхарҭақәа рацәоуп, аха азы зегьы реиҳа ихадоу ҳәа иҳаԥхьаӡо адемографиа ауп, ауаҩы дыҟамзар, аекономикагьы аполитикагьы зыҟалом, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Шаҭиԥа.
"Аԥсны астатистика излаҳәо ала Гали Тҟәарчали милаҭла еиҳарак ақырҭцәа роуп инхо, аԥсуаа 12% ҳаҟаӡам. Гәылрыԥшь, Аҟәеи, Гагреи рраионқәа рҿы еиҳарак аерманцәа нхоит, иаадкыланды х-раионк рҟны 35% роуп аԥсуаа иҟоу. Еиҳарак аԥсуа ахьыҟоу Очамчыреи, Гәдоуҭеи, ақалақь Аҟәеи роуп. Иахьазы 125 нызқьҩык ҳаҟоуп аԥсуаа, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа 3 500-ҩык ҳацлеит. Адинамика иҟоуп, аха аибашьра ҟалаанӡа ҳәа аамҭа ахҵәаха уахәаԥшуазар, арбагақәа ҽеим", - лҳәеит лара.
Адемографиа анырра азҭо амзыз хадақәа ртәы дазааҭгыло Шаҭиԥа илҳәеит, ҭаацәарак аҿы хҩык ахәыҷқәа ыҟазар шахәҭо.
"Ииуа рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи жәашықәса имаҷхеит, иԥсуа - еиҳахеит. Аҭаацәара иалалар зыхәҭоу, аха иахьа уажәраанӡа иаламлац рацәоуп. Аригьы амзыз ҭҵаатәуп. Аԥсны зегьы инареиҵаха ҭаацәарак аҿы иҟазароуп хҩык ахәыҷқәа", - лҳәеит асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аспециалист.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.