АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа иацы Украина арратә напхгараҭара асистема аобиектқәеи, урҭ ирыдҳәало аенергетикатә инфраструктуреи реихсраан хықәкны ирымаз ахыбрақәа зегьы ҭархоуп, абри атәы рҳәеит аусбарҭаҟны.
"Еиԥҟьоуп аихамҩатә транспорт ала украинатәи аруаа ррезерв, аҳәаанырцә абџьар, аибашьыга техника, аџьаԥҳаны аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рахь рахь рнагара", - аҳәоит аусбарҭа апресс-релиз аҿы.
Иазгәаҭоуп "Киев иахьаҵанакуа хықәкык ааха шаҭамыз". Атәылахьчара иазгәанаҭеит Киев аҭыԥ змаз аилабгарақәа зыхҟьаз украинатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа рракетақәа ркаҳароуп ҳәа.