АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Раԥхьатәи акурорт-рзҩыдаратә база аадыртуеит 2023 шықәсазы Очамчыра Аԥснытәи аинвестор илшарала. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аргылара ахьчаҩцәа реиҳабы Валериан Кәыҵниа.
Иара иажәақәа рыла ахыбра ахархәара амамызт, изныкымкәагьы еимырҵәахьан. Убри азы аиҭашьақәыргылара иалагаанӡа арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥган.
“Аусура мҽхакыҭбаала имҩаԥысуеит. Есыҽны 40 тонна рҟынӡа аргыларатә материал ааргоит. Аҭыԥ аҿы 80-ҩык рҟынӡа аус руеит", - иҳәеит иара.
Ари ахыбра Очамчыра зегь раасҭа иҳараку хыброуп, 16 еихагыла иҟоуп. Актәии аҩбатәии аихагылақәа рҿы иаартхоит акрыфарҭа, ақьафурҭа. Егьырҭ рҿы аномерқәа аадыртуеит. Аамҭак ала ахыбра 600-ҩык рҟынӡа ауаа аднакыло иҟалоит.
Уи адагьы аргылара аҵакыраҿы аӡҭарчԥхақәа хԥа аус рулоит. Ҩба рахь Аалӡгатәи атыҩшаӡри нарышьҭлоит, ахԥатәи – амшынӡы. Абаза акәшамыкәша аиԥш амшынԥшаҳәагьы дырԥшӡоит. Ара иҟалоит ахәыҷқәа рыхәмарырҭатә комплекс, акаҳуажәырҭақәа. Абаза ашықәс зегьы аус аулоит.
Кәыҵниа иажәақәа рыла ари аҩыза атурист центр Очамчыра иҟамлацызт. Араион абиуџьет азы акраҵанакуа иҟалоит, ауаагьы аусурҭа ҭыԥқәа роуеит.
“Ҳтәылауаа аинвесторцәа рыбзоурала Очамчыра абас угәы ҟазҵаша акурорт-рзҩыдага центр аартхоит. Ақалақь, аџьармыкьа, атранспорт русура еиҭаркуеит. Аусурҭа ҭыԥқәа ҟалоит. Иаҭаххоит аҳақьымцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, ахьчаҩцәа. Ақалақь аԥеиԥш аиуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аргылара ахархәарахь ирыҭахоит 2023 шықәсазы. Уажәнатә заанаҵы аҭыԥқәа ҿарҵо иалагахьеит. Асасааирҭа еиҳарак изалырхуа амшын ихықәгылоуп иҳәеит Кәыҵниа.