Урыстәылатәи арратә бжьаҟазаҩ имш азгәарҭоит абҵарамза 25 рзы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны абжьаҟазаҩцәа Аԥсны инарыгӡоз аус ахә шьауа, аинрал Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, урҭ раара Аԥсны азы ԥсеивгарак ишаҩызахаз.
Урыстәылатәи арратә бжьаҟазаҩцәа Аԥсны руалԥшьа нарыгӡон 1994 шықәса инаркны 2008-нӡа. Анаҩс, Аԥсны Ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь дара рус аанкылан.
"Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Аԥсны азы ԥсеивгарахеит. Аибашьра ашьҭахь аҳәаа аркра цәгьахеит, ауаа аҳәаахьчарахь реизгара уадаҩхеит. Схахьы аагара сцәыцәгьоуп урҭ мааизҭгьы ҳахькылнагоз. Аурыс мчқәа анҳабжьагыла ацәгьоурақәа ирҟәаҵит, зегьы ҭашәынтәалахеит ҳәа узҳәаӡом, 100-ҩык инареиҳаны аурысцәа ҭахахьеит ара", - ҳәа иҳәеит Нанба
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.