Аԥсны

Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ашықәс нҵәаанӡа аԥсыӡкра азин ыҟаӡам

Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыра 390 километр ԥшьыркца иҟоуп. Уахь иаҵанакуеит аӡиақәа, аӡиасқәа, аӡыхьқәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ашықәс нҵәаанӡа аԥсыӡкра ҟалом ҳәа аарыцҳауеит апарк асоциалтә ҳақәа.
Аԥсыӡкра ақәиҭымзаара адҳәалоуп аԥсыӡ ақәырҭ анышьҭанаҵо аамҭазы амлагәырқәа рыхьчара.
Апарк анапхгара иара убасгьы иазгәанаҭоит ҷыдала ирыхьчо аҵакырақәа рҿы аҵиаақәеи аԥстәқәеи аԥырхага рызҭо иарбан уснагӡатәзаалак амҩаԥгара шалымшо.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыра 390 километр ԥшьыркца ыҟоуп. Уахь иаҵанакуеит аӡиақәа, аӡиасқәа, аӡыхьқәа. Нхыҵ Кавказ амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәа Рассоциациеи ирылахәуп.
Апарк аԥҵан жьҭаара 17, 1996 шықәсазы Риҵатәи аҳәырԥсарра ашьаҭала. Аӡиа Риҵа адагьы иара аҵакыра иаҵанакуеит аминералтә ӡқәа – Ауадҳара, Гегтәи аӡхыҽҽа, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, аӡиасқәа Бзыԥ, Гега, Ҩыԥшара.
Аӡиа Риҵа: изеиԥшроузеи аԥсабаратә нашана ҭагалантәи асахьа