АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәак рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 3-нӡа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Росавиациа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны еиԥш аус шыруц ируеит. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.
Жәабран 24 рзы аҳаирбаӷәазақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит. Уиижьҭеи изныкымкәа иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацырҵахьеит.