АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан архивтә фонд аӡра инамаданы Аԥсны еиҳа аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуоуп ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны акультура аминистр иабжьгаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Милана Бжьаниаԥҳа.
"Ҳара еилаҳкаауеит иацтәи ҳҭоурых аԥышәа ҳамамкәа уаҵәтәи амш адкылара шҳалымшо. Цыра-цырала ишьақәыргылатәуп иаҳцәыӡыз. Абри аус аҿы ҳацхыраара иазыхиоуп урыстәылатәи ҳколлегацәа", - ҳәа лҳәеит лара.
Бжьаниаԥҳа илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи ишаздырхиаз 2023 шықәсазтәи аицуснагӡатәқәа руснагӡа. Уа иазгәаҭоуп Аԥснытәи астудентцәа Урыстәыла афедералтә архивқәеи Аҭоурых-архивтә институт архивмҩаԥгареи ашәҟәеиҿкаареи рфакультети рҿы апрактика рахысра.
"Ҳлыҿцәажәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә архив аиҳабы Лариса Рогова. Уи ҳаԥшьгамҭа дадгылеит. Илҳәеит Аҳәынҭқарратә архив аусура аиҿкаара ацхыраара шалҭо", - лҳәеит лара.
Милана Бжьаниаԥҳа илҳәеит Урыстәылатәи Агуманитартә университет аректор Александр Безбородови Аҭоурых-архивтә институт архивмҩаԥгареи ашәҟәеиҿкаареи рфакультет адекан Филип Тараторкини рԥылараан ишалацәажәаз Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа здыԥхьалахо агуманитартә усеицура атемақәа.
Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа русура азырхахоит Аԥсны иазку адокументқәа раарԥшра, аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа разырхиара.