Раԥхьа инаргыланы COVID иаҳнарбеит аҳақьымцәа рхыԥхьаӡара, еиҳарак ареаниматологцәа шаҳзымхоз, анаҩс аҿкчымазара зыхәшәтәуа ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәниа. Апандемиа аналагоз иаҳзымхоз амаругақәа рацәан, аха COVID цонаҵы еидаҳкылеит иҳәеит иара.
Аҿкы ахәшәтәразы апротокол далацәажәо аҳақьым иҳәеит уи ес-ҩымз аҽшаԥсахуаз. Адунеизегьтәи агәыбзиарахьчаразы ахеилак аҿыц аднакылаанӡа аамҭа рацәа агон, убри аан аԥсуа ҳақьымцәа ахәшә усҟак аус шамуа анеилыркаалак, иааилацәажәан ирласны даҽа хәшәык рыдыркылон.
Апандемиа иаҳнарбеит аҳақьымцәа рыҩаӡара аизырҳаразы алагалақәа шаҭаху иҳәеит Гәниа. Дара есышықәса рԥышәа еиздырҳалароуп, иҟоу аҿыцрақәа ртәы рдыруазароуп, иаауа ачымазара ҳҽазырхианы ҳаҟазарцаз ҳәа инаҵшьны иазгәаиҭеит.
Аҳақьым иажәақәа рыла, 2020-2021 ашықәсқәа рзы адунеи аҿы аԥсыҭбарақәа 2% ыҟан, Аԥсны - 1,4%. Ҳзеиӷьыз ыҟан, аха убри аан ари аԥсуаа рзы ирацәоу рбагақәоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.