Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Табаӷәуа Аԥсны Аконституциеи, уи аԥсахрақәа ралагалареи иазкны

Sputnik
Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭарала уи шьақәырӷәӷәан.
Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы иаԥҵоу акомиссиа алахәыла, Жәлар реизара депутатс иҟаз, азиндырыҩ Баҭал Табаӷәуа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит 28 шықәса раԥхьа ҳтәыла азакәан хада адкылара аус шыҟалаз атәы, насгьы иахьа уи аиҭакрақәа ралагалара аҭахны изыиԥхьаӡо, иара убас, иарбан лагалақәоу акомиссиа ззааиз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.