Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина итҟәаны ирымаз жәҩык урыстәылатәи асолдаҭцәа рхы иақәиҭуп

Уаанӡа имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык Урыстәылаҟа ихынҳәхьан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 26-Sputnik. Жәҩык урыстәылатәи аибашьцәа Украина итҟәаны ирымаз ырхынҳәуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Абҵара 26 рзы имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны украинаа рнапаҵаҟа иҟоу аҭыԥқәа рҟынтәи ирхынҳәуп зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаз жәҩык урыстәылатәи аррамаҵзурауаа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Зхы иақәиҭу асолдаҭцәа самолиотла Москваҟа иргоит рыхәшәтәреи ргәабзиара ашьақәыргылареи рзы. Уи адагьы урҭ ирыҭахоит апсихологиатә цхыраара.
Москвеи Киеви реиҿцәажәарақәа ирлыҵшәаны имҩаԥысуеит аҩ-ганк рыбжьара атҟәацәа реиҭныԥсахлара. Убыс, абҵара 24 рзы Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык урыстәылатәи аруаа рхы иақәиҭын, уи аԥхьаҟа 30-ҩык.
Иара убас, абҵарамза алагамҭаз мҽхакы ҭбаала атҟәацәа еимдан. Усҟан Урыстәылаҟа ихынҳәит 107-ҩык асолдаҭцәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭуп