Аԥсны

Беслан Ешба сынтәа Аҟәа атуристтә ԥсшьара аамҭа ахәшьара аиҭеит

Аҟәа иахьатәи аамҭазы 109 ԥсшьарҭа ҭыԥ рыҟны х-нызқьи бжаки иара-ҭыԥ ыҟоуп. Иааиуа ашықәсқәа рзын иазгәаҭоуп ф-нызқь рҟынӡа аиара-ҭыԥқәа реизырҳара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27-Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 2022 шықәса акурорт аамҭазы Аҟәа иҟоу атуристтә хыбрақәа зегьы ҭәын ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.
Ешба иажәақәа рыла, сынтәатәи акурорт аамҭа 2021 шықәса иаҵахо иҟамызт.
Сынтәа асасааирҭақәеи ахатәы секторқәеи аԥсшьаҩцәа рыла иҭәын, иҳәеит иара.
Аҟәа ахада иажәақәа рыла, ақалақь аекономика ашьҭыхраҿ аԥеиԥш змоу хырхарҭоуп атуризм. Иара есышықәса абиуџьет иаланагалоит 100 миллион мааҭ рҟынӡа ахашәала.
Аҟәа иахьатәи аамҭазы 109 ԥсшьарҭа ҭыԥ рыҟны 3,5 нызқь иара-ҭыԥ ыҟоуп. Сынтәа Ҷыҭанаа имҩаду ала аусура иалагеит асассааирҭа "Grand-отель", иара убас ахыркәшарахь инеиуеит даҽа акы-ҩба сасааирҭа.
Асасааирҭақәа рнаҩсгьы иазгәаҭоуп аԥсшьараамҭа ахьырхырго аҭыԥқәа реизырҳара. 2023 шықәсазы ргәы иҭоуп, Аҟәатәи ашьха ауаа аҭаартә аҟаҵара.
Аԥсны
2023 шықәсатәи аԥхынразы Аԥсны зыԥсы зшьарц зҭаху рзы атурқәа рыҭира хацыркуп