Маркәыла инхо Ешсоу Ҭыҩба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит анхаҩы иаалыҵ аџьармыкьаҟны ииҭаху ахә ақәҵаны иҭииртә еиԥш аҭагылзаашьа шимам, абжьахәаахәҭыҩцәа акыр иацҵаны аахәаҩ идызгало анхацәа ишырԥырхагоу. Ешсоу еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра адгыларала амшәмаахыр ааӡара апроект аус шадыруло иашьцәеи иареи, сынтәа уи ахьынӡарзынагӡаз, аԥхьаҟа гәҭакқәас ирымоу атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.