АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Амшын еиқәа аӡы аилазаара ангәарҭоз, Ҭырқәтәылатәи Амшын еиқәатә университет (KTU) аҵарауаа иаадырԥшит аӡы аметалл хьанҭақәа шалоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура DHA адыррақәа шьаҭас иганы.
Амшынӡы агәаҭарақәа мҩаԥысуан 1100 километра иаҵанакуа аӡҵакыраҟны. Аӡаҿы ирбеит жәаба рҟынӡа аметалл хьанҭа ахкқәа.
Ақалақь Сиурмене ааигәара аӡаҿы иаарԥшын атса, абҩа, Орду иахьаҵанакуа – аҳәынаԥшьыга. Иара убасгьы иаарԥшын: алиумини, аникель, акобальт.
Апрофессор Кораи Озшекер иажәақәа рыла, атсеи абҩеи Қырҭтәыла иазааигәоу араионқәа рҿы рыҟазаара зыхҟьо арҭ аҭыԥқәа рҿы ашахтақәа ахьыҟоу ауп. Иара иҳәеит амшынӡы аҟны аметалл хьанҭақәа ауааԥсырагьы анырра рнаҭоит, избанзар арҭ аметаллқәа аԥсыӡаалыҵ иаланы афатә ахь ииасуеит ҳәа.